Аепидҭагылазаашьа иахҟьаны, Евроеидгыла аӡбарала, тәылақәак ишәарҭам атәылақәа рыхьӡынҵа ианырхит
Аепидҭагылазаашьа иахҟьаны, Евроеидгыла аӡбарала, тәылақәак ишәарҭам атәылақәа рыхьӡынҵа ианырхит

Аепидҭагылазаашьа иахҟьаны, Евроеидгыла аӡбарала, тәылақәак ишәарҭам атәылақәа рыхьӡынҵа ианырхит. Аныҟәара ахьшәарҭам атәылақәа рыхьӡынҵа ианырхит Израиль, Косово, Ливан, Монтенегро, Аҩадатәи Македониа, ЕАШ.

Европатә ахеилак аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Евроеидгыла иалоу атәылақәа авакцианциа ззыҟарҵахьоу ауааԥсыра рзы аԥкрақәа рыԥыхра рылшоит.

Нанҳәа 30 рзы иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны, Евроеидгыла аӡбарала ишәарҭам ахьӡынҵа иалоуп: Албаниа, Шәамахьтәыла, Австралиа, Азербаиџьан, Босниеи Герцеговинеи, Брунеи, Канада, Иапониа, Иорданиа, Зеландиа Ҿыц, Катр, Судтәи Аравиа, Бырзентәыла, Сингапур, Аладатәи Кореиа, Украина, Китаи.