Адунеизегьтәи аҭынха ИУНЕСКО ацентр аспециалистцәа  Гелаҭтәи аберҭыҧ иадҳәаланы Қырҭтәыла иаҭаауеит  
Адунеизегьтәи аҭынха ИУНЕСКО ацентр аспециалистцәа  Гелаҭтәи аберҭыҧ иадҳәаланы Қырҭтәыла иаҭаауеит  

 

«Ааҧынразы Адунеизегьтәи аҭынха ИУНЕСКО ацентр аспециалистцәа ҳрызҧшуп, урҭ Гелаҭтәи аберҭыҧ аҭҵаара зламҩаҧгатәу ахырхарҭақәа ирыдҳәаланы абжьагарақәа ҳарҭоит», — иҳәеит Акультуратә ҭынха ахьчара амилаҭтә агентра адиректор Николоз Анҭиӡе.

Иара иажәақәа рыла, абаҟа аиҭашьақәыргылара иаҿыз аилахәыра ацынхәрас,  аусурақәа нанагӡоит даҽа еилахәырак.

«Ишыжәдыруа ала, аберҭыҧ ишеибгоу еиҭашьақәыргылоуп, аха, ахыб иадҳәаланы апроблемақәа шцәырҵызгьы жәдыруеит. Убри аҟынтә,  аспециалистцәа ҳрызҧшуп. Иҵегьы имҩаҧгатәу аҭҵаарақәеи аусурақәеи, иара убас, ианымҩаҧгатәу аҿҳәарақәеи ирыдҳәаланы абжьагарақәа ҳарҭоит.  Убри анеҩс,  ажәлар идҳардыруеит иарбан еилахәыроу аусурақәа назыгӡо. Ааҧынра алагамҭазы Иунеско аспециалистцәа ҳрызҧшуп», — иҳәеит Николоз Анҭиӡе.