Адунеи аҿы акоронавирус зыхьыз ауаа рхыԥхьаӡара 232 360 045-ҩык ыҟоуп
Адунеи аҿы акоронавирус зыхьыз ауаа рхыԥхьаӡара 232 360 045-ҩык ыҟоуп

Адунеи аҿы акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 232 360 045-ҩык ыҟоуп. Ари атәы аарыцҳаит Џьон Ҳокинс иуниверситет аҟынтә.

Апандемиа иалагеижьҭеи иахьанӡа акоронавирус амшала рыԥсҭазаара иалҵҳьеит 4 756 740-ҩык.

Ачымазаҩцәеи аԥсыҭбарақәеи рхыԥхьаӡарала адунеи аҿы актәи аҭыԥ ааннакылоит ЕАШ – 43 116 448 афактқәа, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Индиа – 33 697 58 афактқәа, ахԥатәи – Бразилиа – 21 366 395 афактқәа.

Апандемиа иалагеижьҭеи иахьанӡа ахадара рзуун 6 128 514 746 доза акоронавирус азы алаҵа.