Адукат - Михеил Саакашвили игәабзиара азҵаара аус адырулоит украинатәии голландиатәи ҳақьымцәа
Адукат - Михеил Саакашвили игәабзиара азҵаара аус адырулоит украинатәии голландиатәи ҳақьымцәа

Михеил Саакашвили игәабзиара ҩынтә еиқәзырхаз ақырҭуа аҳақьымцәеи ареаниматологцәеи ҭабуп ҳәа раиҳәоит, иара убас алкаа ҟазҵаз аконсилиум алахәылацәагьы ҭабуп ҳәа раиҳәоит, – иҳәеит ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили идукат Гиорги Гелхаури.

Адукат иажәақәа рыла, агоспитализациа азҵаара аганахьала иҿыцу ҳәа акгьы иҟам, Саакашвили аклиникахь мацара ишьҭаҵара дақәшаҳаҭуп.

“Ари азҵаара аус адырулоит украинатәи аган хаҭарнакцәеи Украина ахада иадминистрациеи. Иацы Қырҭтәыла даҭааит голландиатәи аҳақьым, уаҵәы – украинатәи ареаниматолог. Иара убас азҵаара аус адиулоит украинатәи аҳақьым Комаровски. Урҭ Саакашвили иҳақьым иҟны аконсультациақәа мҩаԥыргоит. Агәабзиарахьчара аминистр лажәақәа рыла, имлашьуа ауаҩы аоперациа аизыҟаҵара иаҭаххар, усҟан мацара ахәышәтәырҭахь диаргоит. Саакашвили амлашьра далагеижьҭеи 26 мш ҵит. Ахәышәтәырҭахь диаргарц азы аоперациа изыҟаҵатәума? Саакашвили иеиқәырхара знык ареаниматологцәа рылшеит, усҟан иҭагылазаашьа даара иҵәгьан,” – иҳәеит адукат.