Адукат иҳәамҭала, Михаил Саакашвили, ажурналистцәа рҿаҧхьа, иарбанзаалак анаркотик азы атест аҟаҵара дазыхиоуп
Адукат иҳәамҭала, Михаил Саакашвили, ажурналистцәа рҿаҧхьа, иарбанзаалак анаркотик азы атест аҟаҵара дазыхиоуп

«Акыршықәса рыҩнуҵҟа Саакашвили амаланыҟәа дшақәтәаз, дшыӡысуаз, ашәаҩала дышныҟәоз аабон, дҭаркаанӡагьы изҩыдоу аҧсҭазаарала дынхон. Ҳара иарабанзаалак анаркотик азы ажурналистцәа рҿаҧхьа атест аҟаҵара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Михаил Саакавшили идукат Беқа Басилаиа.

Басилаиа атәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иабжьеигеит иара ихаҭа анаркотикқәа рзы атест дахысырц.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили атәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили изкны иаарту ашәҟәы алаирҵәеит.