Адукат  Гьаргь  Кондахишвили -  "Амнистиа иазку" азакәанпроект дырхынҳәыр, Ника Мелиа Европа Ахеилак ала  ашас ихшәаара дақәшаҳаҭхоит
Адукат  Гьаргь  Кондахишвили -  "Амнистиа иазку" азакәанпроект дырхынҳәыр, Ника Мелиа Европа Ахеилак ала  ашас ихшәаара дақәшаҳаҭхоит

Адукатцәа, абахҭашҟа инеины, Ника Мелиа дырбеит.

Адукат  Гьаргь  Кондахишвили ишиҳәаз ала, “Амнистиа иазку” азакәанпроект дырхынҳәыр, Ника Мелиа Европа Ахеилак ала  ашас ихшәаара дақәшаҳаҭхоит

«Уаҵәы формалла даҽа процесск мҩаҧысуеит, дара аиашаӡбара аицакра ауп изҿу. Ника Мелиа ипозициа еилкаауп. Дара “Амнистиа иазку” азакәанпроект дырхынҳәыр, Мелиа Европа Ахеилак ала  ашас ихшәаара дақәшаҳаҭхоит. Ҳара лабҿаба иаабеит амнистиа зегьы ишрыдкьысло,  «Ақырҭуа гәахтәы» ицәырыргаз азакәанпроект  инақәыршәаны, ацәгьауцәагьы ачинҳаракҩцәагьы ашьауҕа рықәырхоит. Ника Мелиа ихақәиҭтәра атәыла анапхгара рнапаҿы иҟоуп. Дара уаҵәыҵәҟьа абри амеханизм  рхы иадырхәар рылшоит», — иҳәеит Кондахишвили.