Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Заза Гахелаӡе закәандарала абаандаҩтәраҿы иааныжьра афакт лабҿаба иаанарҧшуеит  Урыстәыла адеструктивтә планқәа

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра импыҵахалоу Цхинвал аӡбара ала Заза Гахелаӡе закәандарала  12 шықәса абаандаҩтәра иқәҵара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра даара иаргәамҵуеит Цхинвал ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рыла Заза Гахелаӡе закәандарала 12 шықәса аҭакра иқәҵара афакт.

Абри азакәандаратә аӡбара лабҿаба аанарҧшуеит  Қырҭтәыла адестабилизациа иазкны Урыстәыла ирымоу адеструктивтә планқәа.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара иаҟәыҵны,   Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵаны,  2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра нагӡаны, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә рырбџьармчқәа алыргарц.

Жәларбжьаратәи аиҩызара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  урыстәылатәи ампыҵахалатә режим рпровокациа иахәҭоу ахәшьара аҭаны,  рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәарц закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ихақәиҭтәразы.

Ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьыл аҿы ауаа закәандарала раанкылареи шьаҭанкылатәи азинқәеи ахақәиҭрақәеи реилагареи аҵыхәҧҵәаразы, Қырҭтәыла, ҳаҧхьаҟагьы, жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы абри азҵаара иқәнаргылоит.

Ҳара жәларбжьаратәи ауаажәларра реидкылара наҳагӡоит, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла атәылауаа аҩныҟа ихынҳәырцаз», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.