Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәыла Венатәи аконвенциа апринципқәа ирықәныҟәоит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәыла Венатәи аконвенциа апринципқәа ирықәныҟәоит

«Қырҭтәыла,  атәылаҿы адипломатиатә корпус ҧырхагада аусура еиқәзыршәо жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа зегьы нанагӡоит,  Венатәи аконвенциа апринципқәа ирықәныҟәоит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала,  апрокуратура,  амедиаҿы аларҵәара зауз анҵамҭақәа рыҭҵаара иалагахьеит.

«Аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит. Анҵамҭақәа риашара ашьақәыргылара иаҿуп. Ҳара аусеилыргара алҵшәақәа ҳрызҧшыроуп.

Қырҭтәыла,  атәылаҿы адипломатиатә корпус ҧырхагада аусура еиқәзыршәо жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа зегьы нанагӡоит,  Венатәи аконвенциа апринципқәа ирықәныҟәоит

Евроеидгыла иҟоу Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак  аиҿкаара ахаҭарнакцәа

дырҧыланы,  аусеилыргара иазкны аинформациа наӡа рызцәыригеит», — ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.