Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Георгиевски трактат аиубилеитә рыцхә инамаданы  Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟарҵаз аҳәамҭақәа ҳазҳадкылом   
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Георгиевски трактат аиубилеитә рыцхә инамаданы  Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟарҵаз аҳәамҭақәа ҳазҳадкылом   

Қырҭтәыла иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа инаркны 13 шықәса аҵра мышқәак шагу,  Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак 2008 шықәсатәи аибашьра иазкны даҽа дезинформациак аларҵәара иҽазикит, — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

«Урыстәылатәи аган иргәалаҳаршәар ҳҭахуп жәларбжьаратәи ауаажәларреи жәларбжьаратәи азини, еицҿакны, Урыстәылатәи агрессиеи ампыҵахалара апроцесси ишрықәыӡбо.  Сынтәа Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара  2008 шықәсатәи аибашьра ахәшьара иаша аҭаны,  иазханаҵеит аибашьра аангьы ампыҵахалара ашьҭахьгьы импыҵахалоу аҵакрадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы Урыстәыла аҭак шаҧхықәу. Страсбургтәи аӡбара Урыстәыла ахаранаҵеит аетникатә рыцқьара амҩаҧгареи амца аанкылара иазкны   2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра аилагареи. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, Георгиевски атрактат аиубилеитә рыцхә инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аҳәамҭа ҳзақәшаҳаҭхом, избанзар зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра аилагара ала, Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа раннексиа иалагеит», —  иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.