Адикәан Миқаел Ботковели абахҭаҿ Михеил Саакашвили диԥылеит
Адикәан Миқаел Ботковели абахҭаҿ Михеил Саакашвили диԥылеит

Қырҭтәыла акатоликос-патриарх имаӡаныҟәгаҩ, адикәан Миқаел Ботковели абахҭаҿ Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили диԥылеит.

“Михеил Саакашвили апатриарх ишәҟәы исҭеит. Акатоликос-патриарх ԥасатәи ахада даҽазнык диҳәоит амлашьра даҟәыҵыр. Саакашвили ишсаиҳәаз ала, апатриарх аҳаҭыр иқәиҵоит, аха амлашьра даҟәыҵуам, изюан акәзар ари ипринциптә позициоуп, ари апозициа аԥсахра игәы иҭам,” – иҳәеит Миқаел Ботковели.

Адикәан иажәақәа рыла, Михеил Саакашвили ижьы кеиԥсеит. Даҽа зҵаарақәак дрыламцәажәеит. Миқаел Ботвковели ажурналистцәа излараиҳәаиз ала, ԥасатәи аада игәабзиара иазку азҵаарақәа дзыхцәажәом, уи дҳақьымӡам, иара убас Саакашвили аклиникашҟа ииагара азҵаара икомпетенциа иалам.