Адиапломатцәа рҭаацәарақәа, Қырҭтәыла атәылауаа реиҧшҵәҟьа, авакцинациа иахысроуп
Адиапломатцәа рҭаацәарақәа, Қырҭтәыла атәылауаа реиҧшҵәҟьа, авакцинациа иахысроуп

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе Қырҭтәыла иҟоу Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон диҧылеит.

Екатерина Тикараӡе адипломат инарҭбаау аинформациа илҭеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкны.

«Аиҧылара аан аганқәа рхаҭарнакцәа  апандемиа иаҿагылоу ақәҧареи авакцинациа апроцесс аплан аҿы иҟалаз аиҭакрақәеи ирылацәажәеит. Аплан ҿыц инақәыршәаны, Қырҭтәыла аус зуа адипломатцәеи дара рҭаацәарақәеи, Қырҭтәыла атәылауаа реиҧшҵәҟьа, авакцинациа иахысроуп. Адипломат ишиҳәаз ала, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы ареформақәа рымҩаҧгаразы аусеицура арҭбаара дазхиоуп», — аарыцҳаит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.