Адам Кинзингер Ника Мелиа иаанкылара игәыҧжәагоу хҭысуп ҳәа иҧхьаӡоит
Адам Кинзингер Ника Мелиа иаанкылара игәыҧжәагоу хҭысуп ҳәа иҧхьаӡоит

Америкатә аконгрессмен Адам Кинзингер “Амилаҭтә ҵысра” алидер Ника Мелиа иаанкылара игәыҧжәагоу хҭысуп ҳәа иҧхьаӡоит. Кинзингер Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵоит адраматә хымҩаҧгашьа мап ацәыркырц.

“Қырҭтәыла Аиҳабыра игәыҧжәагоу шьаҿа ҟанаҵеит. Иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иазыҧхьагәаҭаны, Аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟасҵоит адраматә хымҩаҧгашьа мап ацәыркырц. Ишаишоу аефир аҿы избеит ари ареид. Қырҭтәыла афракциа анапхгаҩы иаҳасаб ала агәынамӡара аасырҧшуеит. Қырҭтәыла адгыларатә акт ҳадаҳкылеит. Ари ахала иҟало хҭысым,” – иҩуеит Кинзингер “Твиттер” аҿы.

Азакәанхьчаҩцәа Ника Мелиа дааныркылеит. Азакәанхьчаҩцәа Ника Мелиа дахьыҟаз “Амилаҭтә ҵысра” ауадашҟа иҩналеит.“Иаку Амилаҭтә ҵысра” азакәанхьчаҩцәа раҿагылара иақәыркит.Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, Ника Мелиа амашьына дҭадыртәан, дыргеит.