Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Америка акоронавирус амшала иҧсит 3054ҩык
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Америка акоронавирус амшала иҧсит 3054ҩык

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Америка акоронавирус амшала иҧсит  зеиҧшҟамлац ала ирацәаны, 3054ҩык ауааҧсыра.

Аларҵәара зауз аинформациа ала, уажәазы атәыла ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп акоронавирус ахкҿыц ала ичмазаҩу  106 000ҩык иреиҳаны апациентцәа.

Америка, аҧсҭбара арбагақәа рыла, адунеи аҿы актәи аҭыҧ ааннакылоит. Акоронавирус ҿызкааз 15 миллионҩык рҟынтә  289 000ҩык иҧсит.