Аҵысра  «Ҧхашьароуп» алахәылацәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҧхьа акциа мҩаҧыргоит
Аҵысра  «Ҧхашьароуп» алахәылацәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҧхьа акциа мҩаҧыргоит

Аҵысра  «Ҧхашьароуп» алахәылацәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҧхьа акциа мҩаҧыргоит. Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала,  де-факто арежим рыла Заза Гахелаӡе 12 шықәса абаандаҩтәра иқәҵара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.

Акциашҟа инеиз ауаа ишырҳәаз ала, атәыла аиҳабыра абри апроблема аӡбаразы акгьы ҟарҵом. Аҵысра алидерцәа аиҳабыра рҟынтә  иаҳәоит жәларбжьаратәи аренаҿы абри апроблема  аҭыҧқәҵаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц.

Акциашҟа инеит аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәагьы.

Аҭыҧ аҿы аус зуа Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, акциаҿы ауааҧсыреи аполициа аусзуҩцәеи еиҿагылеит. Апатраультә полициа аусзуҩ амитинг алахәылак  дааникылар иҭахын, аха, аҵысра  «Ҧхашьароуп» ахаҭарнакцәа уи еиҧш алшара ирымҭеит.

Импыҵахалоу Цхинвал иахьа имҩаҧгаз аӡбаратә процесс аҿы Заза Гахелаӡе, закәандарала, 12 шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит.