Аҽыҧхьакреи,  акарантини, асабрада аныҟәгареи аҧҟарақәа реилагаразы ахараҧса зқәыз ауааҧсыра ахараҧса ашәара аҟынтә рхы иақәиҭзаауеит
Аҽыҧхьакреи,  акарантини, асабрада аныҟәгареи аҧҟарақәа реилагаразы ахараҧса зқәыз ауааҧсыра ахараҧса ашәара аҟынтә рхы иақәиҭзаауеит

«Аҽыҧхьакреи,  акарантини, асабрада аныҟәгареи аҧҟарақәа реилагаразы ахараҧса зқәыз ауааҧсыра ахараҧса ашәара аҟынтә рхы иақәиҭзаауеит», — иҳәеит  Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьатәи абрифинг аҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, абри аинициатива апарламент иаларгалахьеит.

«Иахьа апарламент алаагалеит  апандемиа амшала ишьақәыргылаз арегулиациақәа реилагаразы административтәи ашьауҕатәи ҭакҧхықәра зқәыз ауааҧсыра ирыдҳәалоу 2 закәанпроектк. Зыӡбахәы ҳәоу аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны,  245 нызқьҩык ауааҧсыреи  344 аиуристтә хаҿқәеи амнистиа рыдкьыслоит, дара ашьауҕатә ҭакҧхықәрагьы административтә ахараҧсақәагьы рықәырхоит. Сара аҽыҧхьакреи,  акарантини, асабрада аныҟәгареи аҧҟарақәа реилагаразы ауаа ирықәыз, аха,   макьана ирымшәац  76 миллион лари ахараҧса ауп сызлацәажәо.  Абри аӡбара ҳадаҳхкылеит апандемиа иахылҵыз асоциал-економикатә ҭагылазаашьа цәгьа иазҧхьагәаҭаны.

Убри аҟынтә, апарламент алахәылацәа даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Сара ҳгәыҧ алахәылацәеи, аполитхеилаки, апарламенттә аиҳареи срацәажәахьеит, абри аинициатива хара имгакәа ирыдыркылоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.