Аҵара аминистрра – Аҳәынҭқарратәии хазхаҭалатәии ашколқәа зегьы жьҭаара 4 рзы ашколтә хыбрақәа рҿы аҵара алагара иазыхиоуп
Аҵара аминистрра – Аҳәынҭқарратәии хазхаҭалатәии ашколқәа зегьы жьҭаара 4 рзы ашколтә хыбрақәа рҿы аҵара алагара иазыхиоуп

Аҳәынҭқарратәии хазхаҭалатәии ашколқәа зегьы жьҭаара 4 рзы ашколтә хыбрақәа рҿы аҵара алагара иазыхиоуп. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аҵара аминистрраҿы.

«Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра, ҧасеиҧш уажәгьы,  аҭаацәа алшара рырҭоит рхәыҷқәа рзы анахарала аҵара аформа алырхырц, иара убас, ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧқәа ирыҵанакәа арҵаҩцәа анахарала аурокқәа рымҩаҧгара рылшоит.

Акласстә уадақәа рҿы аҵара назыгӡо  аҵаҩцәа  хымҧада асабрада рҿазароуп, арҵаҩцәа зегьы, ҧасеиҧш, аҳәынҭқарра ахарџьла, атестирра рзыҟарҵалоит. Иахьа – уажәраанӡа  авакцинациа иахысхьеит  67%  арҵаҩцәеи ашколқәа рнапхгаҩцәеи», —  иануп аминистрра аинформациаҿы.