Абиуџьеттә аҧара аҕьычра аус азы аӡбаратә процесс аҿы аимак рыбжьалеит
Абиуџьеттә аҧара аҕьычра аус азы аӡбаратә процесс аҿы аимак рыбжьалеит

Абиуџьеттә аҧара аҕьычра аус азы аӡбаратә процесс аҿы ахарадҵаратә агани адукат Беқа Басилаиеи аимак рыбжьалеит.

Адукат ахара зду Михаил Саакашвили аӡбаратә процесс аҿы иҟазаара даҳәоит.

Апрокурор Гьаргь Муџьири ишиҳәаз, ахара зду ауаҩҧсы анахарала апроцесс ихы алаирхәыр илшоит, мамзаргьы, аӡбаратә аилатәара апенитенциартә усбарҭаҿы амҩаҧгара ҟалоит.

Апрокуратура Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвилии Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда ҧасатәи анапхгаҩы Ҭемур Джанашиеи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә аҧара аҕьычра рхарарҵоит.