Аамза зхыҵуаз асаби иҧсра аус азы иаанкылоу ахаҵа ахара идырҵеит
Аамза зхыҵуаз асаби иҧсра аус азы иаанкылоу ахаҵа ахара идырҵеит

Аҭаацәараҿы иҟалаз аимак аан аамза зхыҵуаз асаби иҧсра аус азы иаанкылоу ахаҵа ахара идырҵеит.

Адукат иҳәамҭала, иаанкылоу ахаҵа идырҵаз ахара дақәшаҳаҭым.

Уаҵәы аӡбара иара изы аҧкратә уснагӡатә ҳәаақәнаҵоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аинцидент иаха Гурџьаани иҟалеит. Ахаҵа,  иҧҳәыс асаби дшылкыз, лыҧҟара далагеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, асаби дхәаҽит. Асаби иҧсра зыхҟьаз амзыз аилкааразы аекспертиза мҩаҧыргараны иҟоуп.

Аус хьацыркуп Ашьауҕатә закәанеидкыла  126 ахәҭаҷ ала. Иаанкылоу ахаҵа 4 инаркны  6 шықәсанӡа аҭакра иқәшәоит.