Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа апарламент аҿы ахыркәшаратә аилатәара мҩаҧнагеит
Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа апарламент аҿы ахыркәшаратә аилатәара мҩаҧнагеит

2020 шықәса жьҭаара 31 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы еиҿкаау аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа апарламент аҿы ахыркәшаратә аилатәара мҩаҧнагеит. Акомиссиа ахантәаҩы Гиви Миканаӡе акомиссиа аусура иазку аҳасабырба цәырганы, анеҩстәи апроцедурақәа ирызкны аилыркаарақәа ҟаиҵеит.

Акомиссиа ахантәаҩы Алхратә комиссиа хадеи, Апрокуратура хадеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рзы идырмазеиз абжьагарақәа дрылацәажәеит.

Гиви Миканаӡе акомиссиа алахәылацәа ирызцәыригеит  апарламент ақәҵара апроект. Адокумент ишану ала,  «аамҭалатәи апарламенттә комиссиа аусура аан иаарҧшыз агхақәа апандемиеи атехникатә зҵаарақәеи ирыдҳәалоуп. Иаарҧшу агхақәа апарламенттә алхрақәа аҵыхәтәантәи рылҵшәақәа рзы крызҵазкәа анырра рымамызт».

Акомиссиа алахәылацәа абжьагарақәеи апарламент ақәҵара апроекти еицҿакны иадгылеит.