Аамҭала Қырҭтәыла анхара аҿҳәара ацырҵоит 6 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа
Аамҭала Қырҭтәыла анхара аҿҳәара ацырҵоит 6 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа

 

Аамҭала Қырҭтәыла анхара аҿҳәара ацырҵоит 6 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа. Иашьашәалоу аҧсахрақәа цәырыргоит Қырҭтәыла апарламент уаҵәтәи абиуро аилатәараҿы. Ари аинициативала дықәгылоит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе.

Азакәанпроект ишану ала,  аамҭала Қырҭтәыла анхара азин роуеит атәымтәылауаа. Уи адагьы, азакәанпроект инақәыршәаны, атәымтәылауаҩ фышықәса Қырҭтәыла анхаразы имоу  аҿҳәара аниаслак, еснагь анхара азин ацынхәрас, аамҭала анхара азин аҿҳәара ациҵар илшоит.