9ҩык адепутатцәа  Михаил Саакашвили атәылауаҩратә клиникашҟа ииагара аҳәарала амлашьра иалагеит
9ҩык адепутатцәа  Михаил Саакашвили атәылауаҩратә клиникашҟа ииагара аҳәарала амлашьра иалагеит

9ҩык адепутатцәа  Михаил Саакашвили атәылауаҩратә клиникашҟа ииагара аҳәарала амлашьра иалагеит.

Ари атәы ааицҳаит  «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Давиҭ  Киркитаӡе.

«Атәылаҿы аҭагылазаашьа зеиҧшроу жәдыруеит,  Қырҭтәыла ахҧатәи ахада дымлашьуеижьҭеит 45 мшы ҵит,  иара иахәҭоу амедицинатә цхыраара иоуам,  ҳколлега Елене Хоштариагьы дымлашьуеит. Убри аҟынтә,  ҳара,  Қырҭтәыла апарламент жәҩык адепутатцәа,  амлашьра ҳалагарц ҳаӡбеит. Ҳара аҳәара заҵәык ҳамоуп – Михаил Саакашвили атәылауаҩратә клиникашҟа ииагара. Атәыла анапхгара ҳаҳәара нарыгӡаанӡа,  амлашьра ҳаҟәыҵуам», — иҳәеит Давиҭ Киркитаӡе.