2021 шықәсазы Қырҭтәыла авакцина  4 миллион адозақәа  рҭаххоит -  раҧхьа иргыланы авакцина ззыҟарҵода?
2021 шықәсазы Қырҭтәыла авакцина  4 миллион адозақәа  рҭаххоит -  раҧхьа иргыланы авакцина ззыҟарҵода?

Авакцина ахықәкы анагӡаразы, 2021 шықәсазы Қырҭтәыла авакцина  3 979 300 адозақәа рҭаххоит. Ари атәы иануп акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа амилаҭтә план аҿы.  Аплан инақәыршәаны,  авакцина рзыҟарҵоит  18 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра мацара,  избанзар  уажәазы адунеи аҿы иҟоу авакцинақәа  ахәыҷқәа рзы иазҧхьагәаҭам.

Ҷыдала ашәарҭара иҭагылоу агәыҧқәа ирыҵанакуеит: агәабзиарахьчара аусхкы аусзуҩцәа, ауааҧсыра хықәкылатәи ргәыҧ –  71 415ҩык,  урҭ рҟынтә  раҧхьатәи аетап азы авакцинациа иахысуеит  46 420ҩык.

Кыраамҭатәи ахылаҧшра аусбарҭақәа рхархәаҩцәеи русзуҩцәеи  — 2600ҩык, хықәкылатәи агәыҧ  — 65%,  инеизакны авакцина рзыҟаҵатәуп  — 1560ҩык.

75 шықәса зхыҵуа ауааҧсыра — 226,8ҩык,  авакцина рзыҟарҵоит 60%,   — 136,080ҩык.

65-74 шықәса зхыҵуа ауааҧсыра  — 329 183ҩык,  урҭ рҟынтә авакцина рзыҟарҵоит  60%,  — 197 510ҩык.

Ахадаратә сервисқәа рымҩаҧгаҩцәа  —  180 373ҩык,  авакцинақәа рзыҟарҵоит 60%,  — 108 224 человека.

55-64 шықәса зхыҵуа ауааҧсыра  —  478 400ҩык, авакцина рзыҟарҵоит  60%,  — 287 040ҩык.

Ачымазара лаҽқәа змоу,   18 инаркны  54 шықәсанӡа зхыҵуа ауааҧсыра —  89 400ҩык,  авакцина рзыҟарҵоит  60%,  — 53 640ҩык.

Авакцина ззыҟаҵатәу егьырҭ ауааҧсыра –  1 434 567ҩык,  авакцина рзыҟарҵоит 60%,  — 860 740 человек.

Инеизакны авакцинациа иахысуеит атәыла ауааҧсыра рҟынтә 60%,   1 691 214ҩык ауааҧсыра.