Џьен Псаки - Урыстәыла арбџьармчқәа Украина аҳәаа еиларгар, ирласны иџьбароу аҭак еицыҟаҳҵоит
Џьен Псаки - Урыстәыла арбџьармчқәа Украина аҳәаа еиларгар, ирласны иџьбароу аҭак еицыҟаҳҵоит

«Урыстәыла арбџьармчқәа Украина аҳәаа еиларгар, ирласны иџьбароу аҭак еицыҟаҳҵоит», — илҳәеит Аҩны шкәакәа апресс-мӡаныҟәгаҩ Џьен Псаки.

«Ахада Баиден иааҧҵәаны Путин иеиҳәеит: урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина аҳәаа еиларгар,   уи ажәыларахоит, Америкеи апартниорцәеи ирласӡаны иџьбароу аҭак ҟарҵоит.

Ахада Баиден ибзиаҵәҟьаны идыруеит  Урыстәыла агрессиатә ауранагӡара шыҭбаау, аибашьра инаваргыланы, дара акибержәыларақәеи бжала арратә ауранагӡареи мҩаҧыргоит, абри зегьы  иахәҭоу аҭак аҳҭоит», — иануп Џьен Псаки   лҳәамҭаҿы.