Аб Николоз Пачуашвили ажәалагала ҟаиҵеит Саакашвили, аҩнытә баандаҩтәра ҳасабала, иепархиашҟа диаргарц
Аб Николоз Пачуашвили ажәалагала ҟаиҵеит Саакашвили, аҩнытә баандаҩтәра ҳасабала, иепархиашҟа диаргарц

«Сара аиҳабыра абри аҭагылазаашьа алҵразы амҩа рыдазгалоит. Саакашвили, аҩнытә баандаҩтәра ҳасабала сепартиаҿы даҟазааит,  сара иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәсыршәоит», — иҳәеит Ахалқалақьии Қумурдои амитрополит Николоз  (Пачуашвили).

Иара иажәақәа рыла,  атәыла анапхгара абри ажәалагала ргәаҧхар,  иара аҳәынҭқарреи егьи агани рыбжьара абжьацәажәаҩс дыҟазарц дыхиоуп.

«Сара аиҳабыра абри аҭагылазаашьа алҵразы амҩа рыдазгалоит. Ҧасатәи ахада аҩнытә баандаҩрашҟа диаргар бзиоу ҳәа сгәы иаанагоит. Аха, иара Қарҭ дахьынхо ауадақәа рҿы дыҟазар рҭахымзар, сепархиа рыдазгалоит. Атәыла анапхгара абри аинициатива ргәаҧхар, дара рхала иааны аҭыҧ алырхыр ҟалап. Сара аҳәынҭқарреи егьи агани рыбжьара абжьацәажәара сазыхиоуп.   Саакашвили ари азҵааразы сиацәажәахьеит, дақәшаҳаҭхар ҟалап. Атәыла анапхгара роуп изыӡбаша уи аҟаҵара иахәҭоу иахәҭаму. Ари аӡбара рыдыркылар, ҳтәыла иаҳа иазеиҕьхоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит аб Николоз.