Каха Куҷава - Сара хара сцаӡом,  аполитхеилак аҿы саанхоит
Каха Куҷава - Сара хара сцаӡом,  аполитхеилак аҿы саанхоит

Апарламент уажәтәи ахантәаҩы Каха Куҷава ишиҳәаз ала,  инапынҵақәа рышьҭаҵаразы аӡбара идикылеижьҭеи крыҵуеит,  аҵыхәтәантәи амзазы рполитикатә гәыҧ аҿы ари азҵаара иалацәажәон. Куҷава ишиҳәаз ала,  «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҿы аусура наигӡоит.

«Сара аспикер инапынҵақәа шьҭасҵарц сыӡбеит,  ҳәарада,  иахьакәӡам ари аӡбара ансыдыскылаз. Мызкы ҵуеит ҳполиткиатә гәыҧ аҿы уи ҳалацәажәоижьҭеи. Сара хара сцаӡом,  аполитхеилак аҿы саанхоит. Иракли дызлацәажәаз апроект ҿыц аҵакы ду амоуп,  иахьа уи адетальқәа ҳрылацәажәом. Иааиуа ашықәс азы иаҳа инарҭбаау аинформациа шәаҳҭоит.

Ҳара крызҵазкәа аҿыц проектқәа рынагӡара ҳалагоит. Шьалуа Папуашвили сколлега,  сҩыза иоуп. Ақәҿиарақәа изеиҕьасшьоит,  агәра ганы сыҟоуп ҳполитикатә гәыҧгьы инеизакны Қырҭтәылагьы абри ақәҿиара ду шазгәарҭо», — иҳәеит Каха Куҷава.