15 рҟынӡа абизнес еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа акризис аҟынтә алҵра аԥшьгарала иқәгылоит
 15 рҟынӡа абизнес еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа акризис аҟынтә алҵра аԥшьгарала иқәгылоит

15 рҟынӡа абизнес еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа акризис аҟынтә алҵра аԥшьгарала иқәгылоит, урҭ Аиҳабыра рахь ааԥхьаа ҟарҵоит аепидемиологцәа ррекомендациақәеи егьырҭ атәылақәа ирымоу аԥышәеи ирызԥхьагәаҭаны шьаҿақәак ҟарҵарц.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, урҭ арегулиациақәа рыла атранспорти, авиациатә коммуникциеи аресторантә бизнеси реиҭашьақәыргылара иаҳәоит. Абизнес субиектқәа ражәақәа рыла, асасааирҭақәеи амоллқәеи аусура иалагароуп.

Абизнес еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ражәақәа рыла, аԥкрақәы ирыхҟьаны ахырхарҭақәа рацәаны икәатрахеит. Атәыла афинанстә ҭакԥхықәрақәа рацәаны амоуп. Убри аҟынтә акризис алҵра мҩа заҵәык ауп абизнес ахырхарҭа аусура иалагарц.