Давиҭ Залкалиани  Џьеимс Аппатураи диҧылеит
Давиҭ Залкалиани Џьеимс Аппатураи диҧылеит

 

Авице-аҧыза, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Џьеимс Аппатураи диҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла хымҧада НАТО ишалало, Алианс ари апроцесс аҿы атәыла ишацхраауа.

Аппатураи ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит арегион аҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароль ду азы. Иара ишазгәеиҭаз ала, изакәызаалак даҽа тәылак абри аҩыза ароль зынанагӡомызт.

«Ҳара иаҳа инарҭбаау аусеицуразы аусхәаҧштә шьақәҳаргылеит. Амшын еиқәа арегион аҿы НАТО алахәызаара арҭбаарагьы ҳалацәажәеит.  Урыстәыла амшала абри арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа шеицәахаз аадыруеит. Уи ҳадгылаҩцәеи ҳпартниорцәеи ирҧырхагоуп.  Ҳара, ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ҳадгылоит. Қырҭтәыла  «иаарту ашәқәа амҩа» иахысроуп, — заявил  Аппатураи.