Аџьар Ҟаԥшь аҟынтә Қырҭтәыла 100 000 доза «Синофарм» аиуеит
Аџьар Ҟаԥшь аҟынтә Қырҭтәыла 100 000 доза «Синофарм» аиуеит

Аџьар Ҟаԥшь аҟынтә Қырҭтәыла 100 000 доза «Синофарм» аиуеит. Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡеи агубанитартә еиҿкаара ахаҭарнаки реиԥылара ашьҭахь.

Аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа лажәақәа рыла, алаҵа аиура адетальқәа хара имгакуа аргамахоит.

Аиԥылара иалахәын агуманитартә еиҿкаара ахаҭарнак Наҭиа Лолаӡеи Аџьар Ҟаԥшь еиҿкаара жәларбжьаратәи афедерациа аофис анапхгаҩы Ольга Џьумаевеи.

Иацы Китаитәи авакцина «Синофарм» Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуит.