Иенс  Столтенберг –  Европа рыхьчоит Евроеидгыла иалахәым аҳәынҭқаррақәа  - Америкеи, Канадеи, Британиа Дуи, Ҭырқәтәылеи
Иенс  Столтенберг – Европа рыхьчоит Евроеидгыла иалахәым аҳәынҭқаррақәа  - Америкеи, Канадеи, Британиа Дуи, Ҭырқәтәылеи

«Аганқәа рҟынтә Европа рыхьчоит Евроеидгыла иалахәым аҳәынҭқаррақәа  – Америкеи, Канадеи, Британиа Дуи, Ҭырқәтәылеи», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг  France-Presse иеиҭаз аинтервиу аҿы.

Аҩадаатлантикатә алианс анапхгаҩы иажәақәа рыла,  Европа ашәарҭадара  еиқәырышәазароуп  атрансатлантикатә аимадарақәа рышьаҭа ала.

Столтенберг ахыхьчаразы ахарџьқәа реизырҳара иазку Евроеидгыла аинициатива дақәшаҳаҭуп, аха, ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Евроеидгылаҿ излацәажәо  «астратегиатә автономиа» аконцепциа агәра  игом.   «Евроеидгыла Европа ахьчара алшом», — иҳәеит Столтенберг.

«Европа заҵәы агәра згом. Аҩадатәи Америка заҵәы агәра згом.  Сара Аҩадатәи Америкеи Европеи НАТО аҿы рстратегиатә аидгылара агәра згоит. Тәылак ма континтнтк, иара ахала, ашәарҭадара аиқәыршәара алшап ҳәа сгәы иаанагом. Европеи Аҩадатәи Америкеи реидыхра иазку аҽазышәара цыҧхьаӡа НАТОгьы арҧсыҽуеит, Европатәи еиҟәнашоит», — иҳәеит Столтенберг.