Анапхгара аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ашьаҿа ҟарҵар, аоппозициаа акциақәа реихшанҵа рыԥсахуеит
Анапхгара аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ашьаҿа ҟарҵар, аоппозициаа акциақәа реихшанҵа рыԥсахуеит

Афасилитатор ацҳаражәаҩцәа ажәа раҳҭахьеит, уажәгьы ҳпозициа ҳаԥсахуам, адиалги, еилацәажәарақәеи аиқәшаҳаҭреи аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы мҩа заҵәык ауп, – иҳәеит «Астратегиа Аӷмашенебели» алахәыла Серго Чихлаӡе.

Чихлаӡе иажәақәа рыла, аоппозициаа акциақәа рымҩаԥгара рҭахымызт, анапхгара аконструктивтә шьаҿақәа ҟарҵоит ҳәа ргәы иаанагон.

Атәылаҿ иҟоу акризиси ирымоу аҳәарақәеи ирызку азҵаарақәа аоппозициа Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишеиль иҟны еиԥылараан ирыхәаԥшит.

«Афасилитатор ацҳаражәаҩцәа ажәа раҳҭахьеит, уажәгьы ҳпозициа ҳаԥсахуам, адиалги, еилацәажәарақәеи аиқәшаҳаҭреи аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы мҩа заҵәык ауп. Анапхгара аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ашьаҿа ҟарҵар, аоппозициаа акциақәа реихшанҵа рыԥсахуеит», – иҳәеит Чихлаӡе.