Аԥыза-министр импыҵахалоу Цхинвали Заза Гахелаӡе изакәаным абаандаҩтәра аҿҳәара ацҵазара инамаданы иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа адҵақәа риҭеит
Аԥыза-министр импыҵахалоу Цхинвали Заза Гахелаӡе изакәаным абаандаҩтәра аҿҳәара ацҵазара инамаданы иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа адҵақәа риҭеит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа импыҵахалоу Цхинвали Заза Гахелаӡе изакәаным абаандаҩтәра аҿҳәара ацҵазара инамаданы иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа рҟны аусуратә еиԥылара мҩаԥиган, адҵақәа риҭеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ импыҵахалоу Цхинвали ихакәаным абаандаҩраҿ иҟоу Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәрахы рхатә компетенциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа иҟарҵо ашьаҿақәа рыхцәажәеит.

Иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа Аԥыза-министр иҟынтә адҵақәа роуит. Аиԥылараҿ ишазгәаҭаз ала, адырра рыҭоуп жәларбжьаратәии еиҿкаарақәа зегьы, ари азҵаара аӡбаразы адырра рыҭоуп иреиҳаӡоу аҩаӡараҿ иҟоу аформатқәа зегьы.

Импыҵахалоу Цхинвалтәи де-факто аӡбарҭа аӡбарала, Қырҭтәыла  атәылауаҩ Заза Гахелаӡе изакәанымкәа 12 шықәсеи фымзи аҭакра иқәҵан.