Гьаргь Гахариа Зеда Сақара ақыҭан аҳәынҭқарратә школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи данырҧылоз, аҵаратә процесс шәарҭада, аепидемиологиатә нормақәа ирышьашәаланы амҩаҧгара аҵакы далацәажәеит
Гьаргь Гахариа Зеда Сақара ақыҭан аҳәынҭқарратә школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи данырҧылоз, аҵаратә процесс шәарҭада, аепидемиологиатә нормақәа ирышьашәаланы амҩаҧгара аҵакы далацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Имереҭи арегион аҿы, Зестафонтәи араион Зеда Сақара ақыҭан идыргылаз ашкол ҿыц аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи дырҧылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ицын аҵареи аҵарадырреи азы аминистр Михаил Чхенкелии Имереҭи арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Звиад Шаламбериӡеи, амажоритартә депутат Бежан Ҵақаӡеи. Ари атәы аарыцҳаит Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҵаратә процесс шәарҭада, аепидемиологиатә нормақәа рыхьчара ала амҩаҧгара аҵакы далацәажәан, аҵаҩцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ргәабзиара ахьчаразы аепидемиологиатә нормақәа хымҧада инагӡатәуп. Иара ишазгәеиҭаз ала, аклассқәа рҿы аҵара иахьалагаз ашколқәа зегьы рырҵаҩцәеи русзуҩцәеи 20% есҩымчыбжь рахь знык хымҧада атестирра иахысуеит. Иара убас, аҧыза ишиҳәаз ала, аҵаҩы иҭаацәа анахарала аҵара анагӡара рҭахызар, аминистрра уи еиҧш алшара рзеиқәнаршәоит. Анахарала аурокқәа мҩаҧызго арҵаҩцәа иацҵаны аџьаусҧса роуеит.

“Аиҳабыра рнапхгаҩы 300-ҩык аҵаҩцәа рзы иазҧхьагәаҭоу ашкол ҿыц ибеит. 3 еихагылак змоу, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ахыбраҿы аҵаратә ҭахра ҷыдақәа змоу аҵаҩцәа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәагьы еиқәыршәоуп. Ашкол аҿы еиҿкаауп абылрацәахьчаратә система, аҧсабараҭҵааратә лабораториақәа, аспортзал. Адәахьы аспорттә ашҭагьы иҟоуп.

Аргыларатә усурақәа мҩаҧган Аҵаратәи аҵарадырратәи инфраструктура аҿиара агентра ала. Аргылара аан ахархәара рыман ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи евростандартқәеи ирышьашәалоу, аекологиатә гаанахьала ицқьоу аргыларатә маҭәахәқәа. Апроект 4,5 миллион лари иаҧсоуп. 31-ҩык ауааҧсыра аус ахьыруа аҳәынҭқарратә школ иҭоуп 139-ҩык аҵаҩцәа,” – иануп Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа аҿы.