Ахәаахәҭратә обиектқәа рхаҭарнакцәа Аиҳабыра аекономикатә гәыԥи аепидемиологцәеи ирԥылоит
Ахәаахәҭратә обиектқәа рхаҭарнакцәа Аиҳабыра аекономикатә гәыԥи аепидемиологцәеи ирԥылоит

Ахәаахәҭратә обиектқәеи, молқәеи риҭеил асектори рхаҭарнакцәа Аиҳабыра аекономикатә гәыԥи аепидемиологцәеи ирԥылоит. Аиԥылара хықәкыс амоуп жәабран 1 азы ари асектор аусура аиҭалагара азҵаара аӡбара.

Абизнес ахаҭарнакцәа амедицинатә хырхарҭа ахаҭарнакцәеи Аиҳабыреи аҳәарақәак рзықәдыргылеит.

Аусбарҭабжьаратә кооринациатә хеилак алахәылацәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа анализ азуны ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, жәабран 1 инаркны адәқьанқәеи ахәаахәҭратә центрқәеи аусура еиҭалагоит