108 ашколқәеи  687 акласқәеи анахаралатә режим ашҟа ииасит, қарҭтәи ахәыҷбаҕчақәа реиҳара иаркуп
108 ашколқәеи  687 акласқәеи анахаралатә режим ашҟа ииасит, қарҭтәи ахәыҷбаҕчақәа реиҳара иаркуп

Иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟаз адыррақәа рыла,  Қырҭтәыла 108  ашколқәеи хазы  687 аклассқәеи анахаралатә режим ашҟа ииасит. Ари атәы аарыцҳаит Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра аҟынтә.

Аминистрра аинформациа инақәыршәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы акоронавирус рыдырбалеит  0,9%  арҵаҩцәеи 0,6% астудентцәеи.

Аҵара асистемаҿы авакцинациа апроцесс инаӡоит. Уажәазы авакцинациа иахысхьеит  69% арҵаҩцәеи  административтә усзуҩцәеи.

Иара убас, ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи акоронавирус ала рычмазаҩхара амшала, қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа реиҳара  иаркуп. Урҭ аусура еиҭалагоит ҩымчыбжь рышьҭахь.