Аполициа хаҭарнакцәа «Амилаҭтә ҵысра» аофис арҳәра афакт азы Гори ҩыџьа ахаҿқәа ааныркылеит
Аполициа хаҭарнакцәа «Амилаҭтә ҵысра» аофис арҳәра афакт азы Гори ҩыџьа ахаҿқәа ааныркылеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Шида Қарҭли иҟоу аполициа адепартаимент Гортәи араионтә ҟәша аусуҩцәа, «Амилаҭтә ҵысра» аофис арҳәра афакт азы Гори ҩыџьа ахаҿқәа ааныркылеит.

Ацәгьауцәа хышықәсанӡа аҭакра рықәырҵар ҟалап. Иацы Гори «Амилаҭтә ҵысра» аофис ахаҳәқәа агәыдырҵан, аԥенџьырқәа ԥырҽит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра афакт азы ашьаус 187-тәи ахәҭаҷ инақәаршәаны хацнаркит.