Ԥхынгәы инаркны Қырҭтәыла авакцинациа апрограмма ҭбаахоит
Ԥхынгәы инаркны Қырҭтәыла авакцинациа апрограмма ҭбаахоит

Акоординациатә хеилак аҿы авакцинациа апрограмма арҭбаара аоперативтә план ҳахцәажәеит. Ԥхынгәы инаркны Қарҭи арегионқәеи рҿы авакцинациа апрограмма ҭбаахоит, –  илҳәеит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Габуниа лажәақәа рыла, авакцинациазы амобилизациа, алақақәа рыҟаҵаразы иашьашәалоу аҭыԥқәа раартра, амедицинатә бригадақәа разыҟаҵара аҵак ду амоуп.