14000 тона ачарыц ала иҭәу ЕАШ аӷба Ԥуҭтәи абаӷәаза иадгылеит
14000 тона ачарыц ала иҭәу ЕАШ аӷба Ԥуҭтәи абаӷәаза иадгылеит

Ахашәалахәтә маҵзура адыррақәа рыла, 14000 тона ачарыц ала иҭәу ЕАШ аӷба Ԥуҭтәи абаӷәа иҭалеит.

Иҟоу аинформациа инақәыршәаны, абри еиԥш аидара зқәу иҵегьы хыӷбак ирзыԥшуп. Ачарыц хазхаҭалатәи асектор ахаҭарнакцәа аџьармыкьақәа рҿы аҭиира рылшоит. Ачарыц аҭиира аҟынтә аԥара ЕАШ ақыҭанхамҩа адепартамент аинвестициа аҳасаб ала, Қырҭтәыла ақыҭанхамҩа асектор арҿиара апрограмма аларгалоит.