Ҭорнике Рижваӡе ишьақәирҕәҕәеит Баҭым еилаҳаз акорпус аҧҽыхақәа рыҵаҟа ауаа шыҟоу
Ҭорнике Рижваӡе ишьақәирҕәҕәеит Баҭым еилаҳаз акорпус аҧҽыхақәа рыҵаҟа ауаа шыҟоу

Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе ишьақәирҕәҕәеит Баҭым еилаҳаз акорпус аҧҽыхақәа рыҵаҟа ауаа шыҟоу. Иара ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, аиқәырхаҩцәа аус руеит.

«Ахҭыс цәгьа ҟалеит. Аиқәырхаҩцәа ахәыҷы деиқәдырхеит, аха аҧҽыхақәа рыҵаҟа ауаа иҟоуп. Аиқәырхаҩцәа аусура нарыгӡоит, ауаа реиқәырхаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит.  Аинформациа наӡа ҳамам. Акорпус иҩноу ауаа рҟны аимадара ашьақәыргылара ҳаҿуп. Абри арыцҳара зыхҟьаз еилаҳкаауеит, аха, уажәазы ауаа ҳрыцхраароуп, уи ауп ихадоу», — иҳәеит Ҭорнике Рижваӡе.