Ҭорнике Ҟиԥиани Евровизиаҿ раԥхьаӡатәи арепетициа мҩаԥигеит
Ҭорнике Ҟиԥиани Евровизиаҿ раԥхьаӡатәи арепетициа мҩаԥигеит

Евровизиа 2021 шықәсатәи аконкурс аҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгыло Ҭорнике Ҟиԥиани “Аҳои арена” асценаҿ раԥхьаӡатәи арепетициа мҩаԥигеит.

Ҭорнике Ҟиԥиани инаигӡо ашәа “You” ахәшьара бзиа аҭан.

“Аҳои арена” асценаҿ раԥхьаӡатәи арепетициа ашьҭахь Ҭорнике Ҟиԥиани  ажурналистцәа дырԥылеит.

Ҭорнике Ҟиԥиани аконкурс аҩбатәи афиналбжаҿ, лаҵара 20 рзы дақәгылоит. Аҩбатәи афиналбжа рхы аладырхуеит 17-ҩык аконкурсантцәа. Афинал лаҵара 22 рзы мҩаԥгахоит.

Евровизиа ашәаҳәаратә  65-тәи аконкурс сынтәа Роттердам мҩаԥысуеит. Аконкупс аҿы иқәгылоит 39 тәылақәа рхаҭарнакцәа.

Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы ашоу ишиашоу атранслиациа абара шәылшоит лаҵара 18, 20, 22, асааҭ 23:0 рзы.