Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  - Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла даҭаауеит, аха данаауа макьана еилкаам
Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  - Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла даҭаауеит, аха данаауа макьана еилкаам

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла даҭаауеит, аха данаауа макьана еилкаам, — Қырҭтәыла Актәи аканал ари атәы азаалыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Фатми Джерен Иазган.

Лара лажәақәа рыла, аҭырқәа агани  Қырҭтәыла аиҳабыреи авизит арыцхә азы еиқәшаҳаҭхароуп.

«Қырҭтәыла ҧасатәи Аҧыза-министр  Гахариа   2018 шықәсазы Ҭырқәтәыла даныҟаз,  аганқәа рхаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла Астратегиатә хеилак аилатәара амҩаҧгаразы еиқәшаҳаҭхеит. Убри ашьҭахь ахада Ердоҕан Қырҭтәылаҟа даараны дыҟан, аха, апандемиа иалаган, дзымааит. Уажәы ҳара авизит арыцхә иадҳәаланы Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны ҳаиқәшаҳаҭхароуп. Стәыла ахада Қырҭтәылаҟа иаара сахыццакуеит, избанзар, ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра инагӡоит», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.