Ҭинаҭин Берӡенишвили  - Аҵаратә курс иахысуа Қырҭтәыла Актәи аканал авидеоҭыхыҩцәа  Аҵара аминистрра алицензиатә сертификат роуеит
Ҭинаҭин Берӡенишвили  - Аҵаратә курс иахысуа Қырҭтәыла Актәи аканал авидеоҭыхыҩцәа  Аҵара аминистрра алицензиатә сертификат роуеит

Аҵаратә курс иахысуа Қырҭтәыла Актәи аканал авидеоҭыхыҩцәа  Аҵара аминистрра алицензиатә сертификат роуеит, — ари атәы аалыцҳаит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Лара лажәақәа рыла, акурс иахысыр рылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхыҩцәагьы изҭаху егьырҭ ауааҧсырагьы.

«Ҳазлаго апрограмма аинтерес ду аҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уи ателеҭыхыҩцәа реиҭазыҟаҵара апрограммоуп, изҭаху ауааҧсыра зегьы аҵаратә курс иахысыр рылшоит. Акурс иахысуа ауааҧсыра зегьы Аҵара аминистрра асертификат роуеит, уи аҵакы ду амоуп. Ҳшәызҧшуп», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Қырҭтәыла Актәи аканал  хәыҧсада ателеҭыхыҩцәа разыҟаҵара аҵаратә курс амҩаҧгара иалагеит.

Апрограмма аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылоит  2021 шықәса цәыббра  29-нӡа. Аҵаратә курс  нагӡахоит  12 мчыбжьы, зынӡа  192 сааҭ.  Азыҳәамҭа ҟазҵар зҭаху ауааҧсыра асаит  www.vet.emis.ge аҿы авторизациа иахысны, иашьашәалоу апрограмма алырхроуп.