Ҭенгиз Церцваӡе -  Акоронавирус аҿагыларатә аҧкрақәа зегьы 2 - 3 мчыбжьы рышьҭахь иаҧырхыр ҟалап  
Ҭенгиз Церцваӡе -  Акоронавирус аҿагыларатә аҧкрақәа зегьы 2 - 3 мчыбжьы рышьҭахь иаҧырхыр ҟалап  

 

Қарҭтәи Аинфекциатә хәышәтәырҭа анапхгаҩы  Ҭенгиз Церцваӡе иҳәамҭала, уажәазы акоменданттә сааҭ аҧыхра  азҵаара иалацәажәоит,  убри ашьҭахь, егьырҭ аҧкрақәагьы етапла раҧыхра иалагоит.

Ҭенгиз Церцваӡе Актәи аканал иеиҭаз аинтервиу аҿы ишиҳәаз ала, акоронавирус аҿагыларатә аҧкрақәа зегьы 2 – 3 мчыбжьы рышьҭахь иаҧырхыр ҟалап.

«Аҧкрақәа рырҧсыҽра анеҩстәи аетап ианалаго сызшәаҳәом. Уажәы аиҳабыра аилазаараҿы аиҭакрақәа шымҩаҧысуа жәдыруеит. Анапхгара ҿыц ргәаанагара зеиҧшрахо ҳаздыруам.  Зегьы реиҳа ихадоу  – атәыла ауааҧсыра агәҽанызаара рцәыӡыр ҟалом, аҭагылазаашьа еицәамхар, 2 – 3 мчыбжыьы рышьҭахь аҧкрақәа зегьы иаҧырхыр ҟалап. Зегьы реиҳа ихадоу  —  шьҭахьҟа ахынҳәреи, егьырҭ европатәи атәылақәа реиҧш  аханатә аҧкрақәа рышьақәыргылареи  ҳақәымшәароуп», — иҳәеит Ҭенгиз Церцваӡе.