Ҭемур Ҷҟониа - Аҧыза-министр ҳаниҧылоз, ҳаиҿцәажәара абри аҩыза аконструктивтә ҟазшьа аиуит, сыҧсҭазаараҿы раҧхьаӡа акәны акгьы сзымҳәеит, исҳәашаз сзымдыруа  сҟалеит
Ҭемур Ҷҟониа - Аҧыза-министр ҳаниҧылоз, ҳаиҿцәажәара абри аҩыза аконструктивтә ҟазшьа аиуит, сыҧсҭазаараҿы раҧхьаӡа акәны акгьы сзымҳәеит, исҳәашаз сзымдыруа  сҟалеит

Абизнесмен Ҭемур Ҷҟониа ишиҳәаз ала, аҧыза-министр Гьаргь Гахариа иҟны аиҧылара аинтерес ду аҵан, аконструктивтә ҟазшьа аман.

«Аиҧылара бзиан, аиҩызаратә, аконструктивтә ҟазшьа аман. Уамашәа иубаратәы, аинтерес ду аҵан.   Абизнес аҵакы иаҳа ишьҭыҵит,  иаҳа аҭакҧхықәра адуп. Жәакала иуҳәозар,  ҳаҿцәажәара абри аҩыза аконструктивтә ҟазшьа аиуит, сыҧсҭазаараҿы раҧхьаӡа акәны акгьы сзымҳәеит, исҳәашаз сзымдыруа  сҟалеит.

Сусқәа сара  схала сырхылаҧшуеит.  Абизнес, иара ахала ахы иацхраароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара ҳаиҿцәажәозар, еицыҟаҳҵаша аусқәа ҳрылацәажәароуп, аҳәынҭқарра иахәаша аусқәа ҳрылацәажәароуп. Мамзар, абизнес, иара ахаҭа ахы изамыхәозар, уи аҳәынҭқаррагьы изахәом», — иҳәеит Ҭемур Чҟониа.