Ҭеа Ҵулукиани хтеатрк рҿы асахьаркыратә напхгаҩцәа иқәлыргылеит
Ҭеа Ҵулукиани хтеатрк рҿы асахьаркыратә напхгаҩцәа иқәлыргылеит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa акультуреи аспорти, аҿари рминистр Ҭеа Ҵулукиани хтеатрк рҿы асахьаркыратә напхгаҩцәа иқәлыргылеит.

Аминистр илыдылкылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Резо Габриаӡе ихьӡ зху атеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дҟаҵоуп арежиссиор Леван Габриаӡе, агагатеатр “Аԥсны” асахьаркыратә напхгаҩыс – арежиссиор, актиор, адраматург Гела Канделаки, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амилаҭтә театр асахьаркыратә напхгаҩыс – Роберт Стуруа.