Ҭамар Габуниа  - Жәабран азы авакцина аиуреи авакцинациа алагареи алшара иҟоуп
Ҭамар Габуниа  - Жәабран азы авакцина аиуреи авакцинациа алагареи алшара иҟоуп

«Атәыла авакцина аиурац азыҳәан, раҧхьа иргыланы, Ковакс ала ишьақәыргылоу аҳәарақәа зегьы нагӡазароуп   —  ҳара абарҭ аҳәарақәа инрықәыршәаны авакцина аиуразы ҳшыхиоу шьақәҳарҕәҕәар акәын, анеҩс, дара рҟынтә аҭак ҳауроуп», — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.

Лара лажәақәа рыла, атәылаҿы авакцинациа иалагар ауеит жәабран азы.

«Ҳара аҳәарақәа зегьы наҳагӡеит. Анеҩстәи аетап  —  аплатформа  «Ковакс» аҟынтә ақәшаҳаҭхареи авакцина аагара  аҿҳәара ашьақәыргылареи ҳазыҧшуп.  «Ковакси»  егьырҭ аплатформақәеи Қырҭтәылеи ҳрегион егьырҭ атәылақәеи рҿы излауа ала ирласны авакцинациа алагара иазҿлымҳуауп. Убри аҟынтә, излауа ала ирласны аҭак ҳазыҧшуп. Ҳара ауааҧсыра ҩажәа наӡына рзы авакцина ҳазыҧшуп, аха абарҭ адозақәа етапла иҳауеит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.