Ҭамар Габуниа ишаалыцҳаз ала, хара имгакәа, Қырҭтәыла атәылауаа ковид-паспортқәа рыҭара асистема аларҵәара аиуеит
Ҭамар Габуниа ишаалыцҳаз ала, хара имгакәа, Қырҭтәыла атәылауаа ковид-паспортқәа рыҭара асистема аларҵәара аиуеит

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, хара имгакәа, Қырҭтәыла, атәылауаа ковид-паспортқәа рыҭара асистема аларҵәара аиуеит.

Лара лҳәамҭала, ари ахырхарҭала аусура иалагахьеит.

«Ҳара азеиҧш ковид-паспортқәа рызҵаара аус адааулоит. Уаҟа хымҧада ианызаауеит авакцинациа аҭоурыхи, ауаҩҧсы ичымазарақәа рҭоурыхи, насгьы ПЦР атест алҵшәеи. Ари ахырхарҭала аусура ҳаҿуп, хара имгакәа абри апрактика аларҵәара аиуп ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.