Ҭамар Габуниа - Ахҧатәи - аҧшьбатәи акварталқәа рзы зегьирзеиҧшу авакцинациа амҩаҧгара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟазҵар зҭаху атәылауаа авакцинациазы заанаҵтәи арегистрациа иахысроуп.
« «Астразенекеи» «Синофарми» авакцинақәа ҳрызҧшуп. Авакцина «Файзер» аҩбатәи аквартал анҵәамҭазы иҳаур ҟалап. Ахҧатәии аҧшьбатәии акварталқәа рзы зегьирзеиҧшу авакцинациа амҩаҧгара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.