Ҭамар Габуниа – Авакцина  Pfizer миллион еиҳаны адозақәа анҳауа арыцхә хара имгакәа еилкаахоит
Ҭамар Габуниа – Авакцина  Pfizer миллион еиҳаны адозақәа анҳауа арыцхә хара имгакәа еилкаахоит

Аҵыхәтәантәи аамҭазы есымша алаҵақәа ҟарҵоит 5000ҩык раҟара ауааҧсыра, уи даараӡа ибзиоуп,  аха, ашықәс анҵамҭанӡа 60% ауааҧсыра авакцинациа иахысырц азыҳәан, есымша  20–25000ҩык алаҵақәа рзыҟаҵатәуп, —  илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.

Лара лажәақәа рыла, авакцинациа апроцесс активла имҩаҧысуеит. Иҵегьы авакцинақәа раиуразы ареалтә перспектива иҟоуп.

«Ҳара еиуеиҧшым аагаҩцәа рҟны ҳаиқәшаҳаҭҳахьеит, 60% ауааҧсыра алаҵақәа рзыҟаҵаразы зынӡа  3,7 миллион адозақәа ҳҭахуп.  Ҳара аҩбатәи аетап азы аусура ҳаҿуп. Хара имгакәа ажәлар ирылаҳҳәар ҳалшоит авакцина Pfizer  миллион еиҳаны адозақәа анҳауа арыцхә. Иара убас,  Sinopharm, Sinovac,  Johnson & Johnson,  Novovax  авакцинақәа аплатформа  COVAX ала иҳаураны ҳаҟоуп. Аплатформа Kovax  аҟынтә ишаарыцҳаз ала,  Novovax цәыббразы иҳауеит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.