Ҭамар Габуниа – Аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус ҿызкааз ахәыҷқәа рацәахеит, аха, реиҳара рҭагылазаашьа хьанҭам
Ҭамар Габуниа – Аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус ҿызкааз ахәыҷқәа рацәахеит, аха, реиҳара рҭагылазаашьа хьанҭам

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа лҳәамҭала, атәылаҿы акоронавирус афакт ҿыцқәа рхыҧхьаӡара акырӡа ирацәахеит, убри аҟынтә агоспитальтә аҳа арҭбаара иаҿуп.

Габуниа ишылҳәаз ала,  аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус ҿызкааз ахәыҷқәа рацәахеит, аха, реиҳара рҭагылазаашьа хьанҭам.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус ҿызкааз ахәыҷқәа рацәахеит, аха, реиҳара рҭагылазаашьа хьанҭам.  Даараӡа ихьанҭаз асабицәа ҳаман, рыцҳарас иҟалаз, ҩыџьа асабицәа иҧсит, егьырҭ ахәыҷқәа рҭагылазаашьа шәарҭам.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы ишубарҭахаз ала, ауаа ачымазара алҵразы иаҳа аамҭа рҭахуп, уигьы иазҧхьагәаҭатәуп», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.

Ҭамар Габуниа лажәақәа рыла, акоронавирус апрофилактиказы иреиҕьу механизмуп авакцинациа.