Эстониеи, Латвиеи, Лиетувеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Украина инеит
Эстониеи, Латвиеи, Лиетувеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Украина инеит

Эстониеи, Латвиеи, Лиетувеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Украина инеит.

Естониа  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, адипломатцәа рвизит Урыстәыла аган аҟынтә арратә мобилизациа аан Украина адгылара азаарҧшра  иазкуп.

«Еицымҩаҧааго авизит ала даҽазнык ааҳарҧшыр ҳҭахуп ҳара Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло», — илҳәеит Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-спикер Аари Леммик агентра  Reuters аинтервиу аналҭоз.

Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, Украина аҵакырадгьыл аҿы урыстәылатәи арбџьармчқәа рырҕәҕәара иаргәамҵуеит.